Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҟны имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аусуратә еилатәара. Уи мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа.
Аилак аҟны имҩаԥысит «Афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра аанкыларазы» азакәанапроект алацәажәара.
Ари азакәанапроект аԥшьгаҩцәа адепутатцәа ирыдыргалоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ахархәаҩцәа ркатеогриақәа зегьы рзы 2011 шықәса хәажәкырамза 10 аҟн. «Ахәқәа рҳәынҭқарратә ҳәаақәҵаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны Афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра аанкылара
Иара убас ирыдыргалоит ахәԥса зшәо рзы афымцамч азы атариф афымцамч ахархәара зырҭо акатегориақәа зеиԥшразаалак, 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа ахәԥса зшәо акатегориазы аус зуа атариф еиҳаны ҟалашьа амаӡам ҳәа ашьақәыргылара.
Азакәан адкылара аналыршаха, амч аиуеит иара анкьыԥхьха арыцхә инаркны, аусгьы аулоит 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 31 рҟынӡа. Абри азакәанпроект иахәаԥшны адепутатцәа азыӡба рыдыркылеит ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Апарламент асессиа аилатәараҟны актәи аԥхьараан ирыдыркыларц азы адгалара. ́
Амш азҵаара инақәыршәаны, апарламенттә Еилакы алахәцәа аахәаԥшит Резо Занҭариа ирыдигалаз азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа жәпакы.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

12.12.2022
Поделиться в соцсетях: