Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҟны Алхаса Барцыц ихантәаҩрала имҩаԥысит Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак аилатәара. Уи далахәын Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа.
Аилак аҟны иалацәажәеит адипломатиатә маҵзуразы азакәан азырхиара иадҳәалоу Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ажәалагалақәа.
ААР ахаҭарнакцәа ргәаанагарақәа ирзыӡырҩны, адпутатцәа ирыӡбеит ари азҵааразы иаагаз аматериалқәа ҭҵааны ааигәа имҩаԥысуа Аилак аилатәарақәа руак аҟны иахәаԥштәуп ҳәа.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

12.12.2022
Поделиться в соцсетях: