Ԥхынҷкәынмза 14 рзы Гәдоуҭа ақалақь аҟны имҩаԥысит Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатәи 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҟалаз арыцҳара агәалашәара иазкыз амитинги.
Аԥсны Жәлар Реизара -Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Лаҭатәи атрагеидиа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Алахьеиқәратә усмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент адепутатцәа, аиҳабыра алахәцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәа, ашколхәыҷқәа, ареспублика араионқәа зегьы рыҟнытә ауааԥсыра.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

14.12.2022
Поделиться в соцсетях: