УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин иҟаиҵаз ааԥхьарала Апарламент адепутатцәа Асҭамыр Герхьелиеи Ахра Ԥачлиеи ԥхынҷкәынмза 15 озы Москва имҩаԥысуа III Жәларбжьаратәи аконференциа «Аполитикатә партиақәа рыфракциақәеи ИАР атәылақәа рпарламентбжьаратә усеицураҟны аблокқәеи рроль» иалахәуп.
Аконференциа иалахәу рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп — Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Казахсҭан, Киргизиа, Молдавиа, Приднестровиа, Таџьикисҭан, Туркмениа, Узбекистан, Алада Уаԥстәыла рпарламентқәа рыфракциақәеи рыблокқәеи рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә Дума аполитикатә партиақәа рыфракциақәа зегьы рнапхгаҩцәеи адепутатцәеи.
Аилатәара иалагаанӡа аконференциа алахәцәа Идырым Асолдат Инышәынҭраҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп УА Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Ԥхынҷкәынмза 15 рзы Аҳәынҭқарратә Думаҟны имҩаԥысраны иҟоуп Аҳәынҭдума афракциақәа рхаҭарнакцәа рԥылара.
ПОПУЛЯРНОЕ
- Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
- АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА
- Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
- Иазԥхьагәаҭаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥымсӡеит
- Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара
НОВОСТИ
14.12.2022
Поделиться в соцсетях: