НОВОСТИ

Апарламент аҟны ирылацәажәеит Гал, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа руаааԥсыра анхаразы азиншәҟәы рыҭара иадҳәалоу апроблемақәа
21.12.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны ирылацәажәеит Гал, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа руаааԥсыра анхаразы азиншәҟәы рыҭара иадҳәалоу апроблемақәа

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҟны имҩаԥысит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара. Аилатәарахь иааԥхьан АА ААР атәылауаҩшәҟәытә усбарҭа аиҳабы Асҭамыр Колӷьи уи ихаҭыԥуаҩ Роман Ӡаԥшьбеи.
Ҭемыр Шергелиа хантәаҩра ззиуаз Аилак аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба, Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба, Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба, адепутатцәа Адгәыр Ҳаразиеи Асҭамыр Герхьелиеи.
Аилатәараан ирылацәажәеит Гал, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа руаааԥсыра анхаразы азиншәҟәы рыҭара иадҳәалоу апроблемақәа. Аиԥылара иалахәыз иазгәарҭеит ари ахәҭаҟны азакәанхархәаратә ԥышәеи азакәанԥҵара аиӷьтәреи рзы иҟоу алшарақәа.
Ҷыдала, урҭ ирҳәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан арҽеирақәа ралагалара шаҭаху атәы.   ́
Аиԥылара алахәцәа азыӡба рыдыркылеит хара имгакәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа анализ азуны, аус зуа азакәанԥҵараҟны ибжьажьу арҽеиразы.