Лугансктәи Жәлартә Республика Жәлар Рхеилак Ахантәаҩы Денис Мирошниченко Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Иира амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп: ́
«Шәара ишәымоу атәылауаҩратә позициа, илышәхыз амҩа ацәхьамҵра, апрофессионализм, ааԥсарада имҩаԥыжәго аусура ауаажәларра рыҩныҵҟа аҳаҭыри ахьӡи шәрыԥсаны шәҟарҵеит.
Абри аныҳәамш аҽны ишәеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аизҳазыӷьара! Шәара шәеиԥш ихәыцуа, ишәзааигәоу ауаа рганахьала ишәымоу адгылара аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа рзы ицхыраагӡаны иҟалааит!».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

21.12.2022
Поделиться в соцсетях: