НОВОСТИ

Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аилатәара
21.12.2022
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аилатәара

Иахьа имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аилатәара.
Аилак аҟны иалацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ақалақьргыларатәи аргыларатәи Закәанеидкыла апроект. Ари апроект алацәажәара анаҩс Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит абри азакәанапроект Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент изаамҭанытәиу асессиа аилатәара амш азҵаара алаҵаразы, ахԥатәи аԥхьараан адкылара рабжьыргарц.
Иазгәаҳҭаԥ, 2017 шықәса хәажәкырамза 2 аҟнытә Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵарала азыӡба шрыдыркылаз ари азакәанапроект аԥхьарақәа ԥшьба рыҟны рыхаԥшразы. Аҩбатәи аԥхьараан  иара рыдкылан 2017 шықәса хәажәкырамза 2 рзы.  
Аилатәара амш азҵаара инақәыршәаны адепутатцәа ахәаԥшит «Аккредитациазы» азакәан апроект. Уи аззырхиаз ргәаанаграла, ари азакәан адкылара иалнаршоит атауар ашәарҭадареи ахаҭабзиареи ахә ашьара иадҳәалоу аџьармыкьатә еизыҟазаашьақәа акыр анырра анаҭоит.
Убри адагьы азакәанапроект ашьашәалара ахә ашьара аџьармыкьаҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахәаахәҭра апартниорцәа атәылақәа рыҟны аус зуа аԥснытәи аиҿкаарақәа разхаҵаразы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит. Аилак азыӡба аднакылеит Апарламент  изаамҭанытәиу асессиа аилатәараҟны актәи аԥхьараан адкыларазы адгалара.  
Аилатәараан адепутатцәа алацәажәеит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 13 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Афымцамч атарифқәа рышьҭыхра аанкыларазы" азакәан апроект.
Ари азакәанапроект аԥшьгаҩцәа апарламент иаднагалоит «Ахәԥсақәа рҳәынҭқарратә  ҳәаақәҵаразы» 2011 шықәса хәажәкырамза 10 аҟн. Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны афымцамч атарифқәа рышьҭыхра аанкылара. Ари азакәанапроект иахәаԥшны адепутатцәа азыӡба рыдыркылеит Парламент ааигәа имҩаԥысуа асессиа аилатәараҟны аҩбатәи аԥхьараан адкылара.
Иара убас иахәаԥшит «Иаартны еизаку аахәарақәа рзы» азакәан апроект, иагьыӡбан аҩбатәи аԥхьараан адкыларазы асессиа аилатәараҟны анагара.
Ари азакәан апроект рыдыркылеит 2022 шықәса лаҵарамза 22 рзы актәи аԥхьараан. Аилатәара алахәцәа хәҭаҷцыԥхьаӡа 2011 шықәса жәабранмза 22 раахыс аус зуа «Ахәԥсақәа рҳәынҭқарратә ҳәаақәҵаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан иахәаԥшит. Уи ишьақәнаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ахәԥсақәа рҳәынҭқарратә ҳәаақәҵара аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика азинтә шьаҭақәа; иҳәаақәҵахо ахәқәа рхархәара аусхкқәа; ахәԥсақәа рҳәынҭқарратә  ҳәаақәҵара мҩаԥызго аусбарҭақәа рзинмчқәа; ахәшьақәыргылараҟны аԥшәымара зуа асубиектқәа рзинқәеи, рхыдҵақәеи, рҭакԥхықәрақәеи.
Аилак алахәцәа ари Азакәан ахархәара иадҳәалоу аналитикатә усура иацҵаны имҩаԥыргоит.

  .