НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Иира амш азы адныҳәаларақәа ирыцҵоуп
21.12.2022
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Иира амш азы адныҳәаларақәа ирыцҵоуп

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Иира амш азы адныҳәаларақәа ирыцҵоуп
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Иира амш инамаданы адныҳәаларақәа ааира иаҿуп.
Аԥсны иҟоу УА Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Михаила Шургалин иҟаиҵаз адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш! Сара агәра згоит ишәҟазшьоу ахачҳареи апрофессионализми Ареспублика аҿаԥхьа иқәгылоу инарҭбааны аҳасабтәқәа рыӡбараҟны уасхырс ишроуа, Урыстәылеи Аԥсни рпарламентқәа рыбжьара аусеицура Шәара шәылшарақәа ирыбзоураны аԥхьаҟагьы аҿиара шроуа.
Ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аҭакԥхықәра зцу Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы имаҵзураҟны аихьӡарақәа».

Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла Ареспублика Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ  Олег Боциева иҟаиҵаз адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны, ҷыдала иазгәаҭоуп:
«Шәара ишәымоу адырра ҵаулақәа, хра злоу аустәи хаҭалатәи аҟазшьақәеи ирыбзоураны шәаԥсаҵәҟьаны аҳаҭыри ахьӡи-аԥшеи шәырҭеит.
Шәхатә џьабаалеи инарҵауланы шәзызнеиуа атәылуаҩаратә уали рыла ареспублика иқәынхо ауаажәлар рыԥсҭазаашьа аиӷьтәразы ишәылшо зегьы ҟашәҵоит.
Иахьа Шәара шәнапхгарала иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә усбарҭа аҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит алшарақәа реиҟарареи атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчареи алыршо, ауаажәлар рҳәоуеиқәшәара аиқәырхара  иацхраауа идемократиатәу азинтә ҳәынҭқарра аԥҵаразы.

Сара агәра згоит активла аусура шәалахәрала Алада Уаԥстәылеи Аԥсни рыжәларқәа ринтересқәа ҳасаб рзура иазку аидгылареи аицхыраареи рытрадициақәа шьаҭас иҟаҵаны, апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа аҿиара шроуа.».
  
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра Ахада Гарри Купалба Лаша Ашәба Иира амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа, шықәсырацәалатәи аизҳазыӷьаратә џьа, шәпатриотизм, атәылауаҩратә ҭакԥхықәра, хаҭалатәи шәҟазшьақәа ирыбзоураны ҳауаажәлар рыҩныҵҟеиԥш, Аԥсны анҭыҵгьы аҳаҭыр шәаԥсаны шәҟарҵеит. Шәара шәыхьӡ, ишәымоу адырра ҵаулақә, ауаа рыцхырааразы ишәымоу агәаҳәара шьаҭа ӷәӷәаны иамоуп қәҿиарала, лыҵшәабзиала имҩаԥыжәго аусура».