НОВОСТИ

Апарламент аҟны имҩаԥысит Лаша Ашәбеи Ареспублика Никаргуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи реиԥылара
23.12.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны имҩаԥысит Лаша Ашәбеи Ареспублика Никаргуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи реиԥылара

   Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Ареспублика Никаргуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи реиԥылара.

Инар Ладариа Лаша Ашәба адырра ииҭеит Никарагуа Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусура аихшьалақәа ртәы. Урҭ алацәажәеит Ацҳаражәҳәарҭа аԥхьаҟатәи аусура атәы.
  Инар Ладариа Лаша Ашәба изеиҭеиҳәеит Никарагуа Ареспублика Амилаҭтә Ассамблеиаҟны имҩаԥысыз аиԥыларақәа ртәы. Убри аан иара иазгәеиҭеит Никарагуа Ареспублика  адепутатцәа Аԥсны Аҳәынҭқарреи иареи рыбжьара аимадара ишазхиоу.
Ацҳаражәҳәаҩ Апарламент Аиҳабы адырра ииҭеит никарагуатәи адепутатцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҟны Никарагуа аиҩызаразы адепутаттә гәыԥ аԥҵара шырҭаху, ари аҩ-тәылак рзакәанԥҵаратә усбарҭақәа рыбжьара аимадара арӷәӷәареи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аԥышәеимдареи излацхраауа ала.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент Аиҳабы иганахьала иҳәеит Никарагуа Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара апарламентбжьаратә усеицура арҿиара дшазхиоу.

Ишәгәалаҳаршәоит, 2021 ш. абҵарамза 2 аҟн. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала  Никарагуа Ареспубликаҟны Манагуа ақ. аҿы. ишаԥҵоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа. Инар Ладариа Никарагуа Ареспубликаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩыс даҭан 2021 ш. абҵарамза 17 аҟн. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала  
3 сентября 2008 шықәса цәыббрамза Никарагуа Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит, шықәсык ашьҭахь атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.