Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Беслан Ешба ииубилеитә шықәсхыҵра идиныҳәалеит.  
Ҳаҭыр зқәу Беслан Фиодор-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аиубилеитә ныҳәа - 55 шықәса шәхыҵра амш.
 Гәацԥыҳәарала, ааԥсарада имҩаԥыжәго аусура, шәыпрофессионализм ҳтәыла гәакьа аизҳазыӷьара иазкуп, ари аҳаҭыр ду шәаԥсаны шәҟанаҵеит, ахәшьара ҳаракгьы иаԥсоуп.
  Иахьа Шәара шәнапхгарала ҳаҳҭнықалақь асоциалтә-економикатә ҿиара, уи аизҳазыӷьара, аиашьара зуа ақалақьқәа аус рыцура арӷәӷәара иазку алшарақәа рыцҵара мҩаԥысуеит.
 
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Аҟәа ақалақь Администрациа Ахада иаҳасабала шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа қәҿиарала рыӡбара аус аҟны ацхыраара иазхиоуп.
  Агәра ганы ҳаҟоуп урҭ рахьтә жәпакы ҳаидгыларала рыӡбара шалыршахо.   
Беслан Фиодор-иԥа, ишәзеиӷьасӷьоит агәабзиара, аихьӡарақәа шәнапы злаку аус аҟны, ишәзааигәоу, шәҩызцәа рганахьала аилибакаара, адгылара.
 
                    ПОПУЛЯРНОЕ