НОВОСТИ

Беслан Ҳалуашь Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара мҩаԥигеит
26.12.2022
Поделиться в соцсетях:

Беслан Ҳалуашь Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара мҩаԥигеит

Апарламент аҟны имҩаԥысит Беслан Ҳалуашь хантәаҩра ззиуаз Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак  инарҭбаау аилатәара. Аиԥыларахь иааԥхьан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, уи ихаҭыԥуаҩ Ирма Амҷба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк ахантәаҩы   Беслан Бараҭелиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата ахантәаҩы Роберт Аршба.
Иахәаԥшын «Аԥсны Аҳәынҭқарра 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект.
Аилатәара алахәцәа инҭырҳәыцааны хәҭаҷцыԥхьаӡа ареспубликатә биуџьет ахышәара-ҵышәара иахәаԥшит. Азакәанапроект алацәажәараан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба хыԥхьаӡара рацәала азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Адепутатцәа арҽеирақәа жәпакы адыргалеит, уи ашьҭахь аилак азыӡба аднакылеит абри азакәанапроект ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәарахь анагара аҩбатәи аԥхьараан адкыларазы.
  «Аԥсны Аҳәынҭқарра 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект рыдыркылеит актәи аԥхьараан  2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 13 рзы.
Амш азҵаара инақәыршәаны адепутатцәа ахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк 2023 шықәсазтәи Аныхтәқәа рхарџьынҵа ашьақәырӷәӷәаразы» азакәан апроект, иара убас иалкаан Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк адәныҟатәи аудит амҩаԥгара хықәкыс иҟаҵаны аудитортә еиҿкаара.
Анаҩс аилак алахәцәа ахәаԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата аудитор имаҵуразы иқәыргылаз Роланд Папба икандидатура.
Аилацәажәарақәа рылҵшәақәа рыла Апарламент иадгалан арҭ азҵаарақәа ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны рыхәаԥшра.