НОВОСТИ

Лаша Ашәбеи Михаил Шургалини реиԥылара мҩаԥысит
18.01.2023
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәбеи Михаил Шургалини реиԥылара мҩаԥысит

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара.

Аиԥылара иалахәын Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан, азинтә зҵаарақәа рзы Аиҳабы иабжьгаҩ хада Денис Киут, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов.

Аиԥылара иалахәыз алацәажәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирызку азҵаарақәа жәпакы, иара убас аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа ахысра иадҳәалоу азҵаарагьы.