Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа Ахантәаҩы Мураҭ Махариа ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы.
 Адышшылараҟны иҳәоуп:  
«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа, ҳтәыла ауааԥсыра зегьы реиԥш гәалсра дула ирыдыркылеит иахьа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟалаз адгьылҵысра ду ахҟьа-ԥҟьақәа. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ауаа аӡәырҩы ҭахеит, зықьҩыла ахәрақәа роуит, нхарҭада инхеит, рыцҳарас иҟалаз, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳџьынџьуаа – аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәагьы.
Гәалсра дула ҳрыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, рхьаа рыцеиҩаҳшоит ари арыцҳараҟны ааха зауз зегьы». 
                    ПОПУЛЯРНОЕ
                
              НОВОСТИ
                    
                      07.02.2023
                      
                    
                        Поделиться в соцсетях: