НОВОСТИ

Лаша Ашәба Ҳаммуда Иуссеф Саббаҳ ихьӡала адышшыдара ҟаиҵеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟалаз адгьылҵысра инамаданы
07.02.2023
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Ҳаммуда Иуссеф Саббаҳ ихьӡала адышшыдара ҟаиҵеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟалаз адгьылҵысра инамаданы

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Ҳаммуда Иуссеф Саббаҳ ихьӡала адышшыдара ҟаиҵеит .

Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәалсра дула срыдышшылоит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Жәлар Рхеилаки шьамтәылатәи ажәлар зегьи шьамтәылатәи апровинциақәеи ақалақьқәеи рыҟны иҟалаз адгьылҵысра инамаданы.

Иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иалаӡит хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра, аӡәырҩы ааха роуит, нхарҭада иаанхеит.
Ҳаҭыр зқәу Ҳаммуда Иуссеф Саббаҳ, исҳәарц сҭахуп Шьамтәылатәи Арабтә Республика ажәлар зегьы иахьа изҭагылоу агәаҟра ирнаҭаз ахьаа шрыцеиҩаҳшо.
Зегьы ирзеиӷьаҳшьоит ачҳара, агәаҟра иақәшәаз агәабзиара, иҳалшо ала ацхыраара ҳазхиоуп».