НОВОСТИ

Апарламент аилак аилатәараҟны азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит
13.02.2023
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аилак аилатәараҟны азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит

Апарламент аҟны Беслан Ҳалуашь ихантәаҩрыла имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара.

Аилак алахәцәа алацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ақалақьргыларатә закәанеидкыла аусура аларгаразы» азакәан апроект. Иӡбан ари азакәанапроект Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәиу асессиа аилатәара амш азҵаара алаҵара.
  
  Аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата ахантәаҩы Роберт Аршба.
Аилак алахәцәа ахәаԥшит 2021 шықәса цәыббрамза 29 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Афинанстә қьыра (лизинг) азы» азакәан апроект.

Азакәан апроект хықәкы хаданы иамоуп афинанстә қьыра (лизинг) аҳәаақәҵара азинтә шьаҭақәа реиӷьтәра. Азакәан апроект азкуп афинанстә қьыра ашьаҭала аарыхра ахархәагақәа ирзынархоу аинвестициа аформақәа рырҿиара, ахатәтәра азинқәа, аинвестициатә процесс алахәцәа рзинқәа рыхьчара, аинвестициа алагалараҟнытә алҵшәақәа ралыршара.

  Азакәан апроект иҳәаақәнаҵоит афинанстә қьыра азинтәи аиҿкаара-економикатә ҷыдарақәа. Иазгәаҳҭап, афинанстә қьыра аусхк аҟны азинеизыҟазаашьақәа рҳәаақәҵара зинтә шьаҭас ишамоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә Закәанеидкыла. Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 652–657 рнормақәа рырҿиаразы Азакәан апроект ишьақәнаргылоит аҳәаақәҵара амаҭәари ақьыра аформеи асубиекти, ишьақәнарӷәӷәоит ализинг амаҭәар азы ахатәтәра азин ахьчара амеханизм, иара убас ишьақәнаргылоит ализингтә зинеизыҟазаашьақәа рсубиектқәа рзин хадақәеи рхыдҵақәеи.
Азакәан апроект ишьақәнаргылоит ақьыразы аиқәшаҳаҭра ашәҟәы аҭаҩразы аԥҟара, ақьыраҭаҩ иаҳасабалеиԥш, ақьырадкылаҩгьы изинқәеи ихыдҵақәеи. Иара убас уа иазгәаҭоуп ақьыра асубиектқәа аҭакԥхықәра рыдҵаразы аԥҟара.  
«Ақьыра амазара феидала аахәаразы мыруганы иахьыҟоу анаҩсгьы, уи аинвестициа алаҵаразы ԥеиԥш змоу усхкуп.

Азакәан апроект аинвесторцәа реиԥш, ақьыратә усура алахәцәагьы рзинқәа рыхьчара амеханизмқәа шьақәнарӷәӷәоит, ақьыразы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара, аԥсахра, аԥыргара азҵаарақәа ҳәаақәҵаны, ақьыратә шәатәқәа рышьақәыргылареи рылхреи, ақьыра амаҭәар архынҳәреи рзы аԥҟара шьақәыргыланы», – аҳәоит азакәанапроект азы аилыркаага шәҟәыбӷьыц.
«Афинанстә қьыра (лизинг) азы» азакәан апроект ахәаԥшраан Аилак алахәцәа ажәалагала ҟарҵеит арҽеирақәа жәпакы ралагаларазы, аҩбатәи аԥхьараан адкыларазы.

Аилатәараҟны иахәаԥшын иара убас «Аелектронтә напынҵамҭазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Ари азакәанапроект аелектронтә напынҵамҭа ацаԥха агәаҭаразы асертификат аԥҵареи аҭареи рзы азинмчқәа назыгӡо аҳәынҭқарратә усбарҭа шаҳаҭра зуа ацентрқәа раҳасабала ақәгыларазы алшара ацәырҵра иадҳәалоуп.
Иара убас Азакәан апроект абанктә операциақәа рынагӡараан аелектронтә напынҵамҭақәа русхк аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аиӷьтәра иазкуп.

Анаҩс, Аилак аҟны иахәаԥшын «Акцизқәа рзы» азакәан апроект. Иазгәаҭатәуп, ҳазҭагылоу аамҭазы аус шауа изныкымкәа аԥсахрақәа зыхҭысхьоу 1994 шықәса цәыббрамза 8 рзы ирыдыркылаз «Акцизқәа рзы» азакәан. Азакәан апроект аԥшьгаҩцәа азинтә ҳәаақәҵара аиӷьтәразы зхаҭабзиара ҿыцу азакәан адкылара аҭахуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит Апарламент иадыргаларц имҩаԥысраны иҟоу Апарламент асессиа аилатәараҟны актәи аԥхьараан «Аелектронтә напынҵамҭақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы», «Акцизқәа рзы» азакәанқәа рыпроектқәа рыдкылара.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы» Аԥсны Аҳәанҭқарра Азакәан инақәыршәаны адепутатцәа ахәаԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата ахантәаҩы имаҵзурахьы иқәыргылаз Баҭал Аибеи Астамыр Аргуни ркандидатурақәа.

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла аилак иаӡбеит ари азҵаара Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәарахь ахәаԥшразы анагара.