Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ааха зауз Агәыҳалалратә цхыраара рыҭара иазкын Алхас Барцыц хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак инарҭбаау аилатәара.
Аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҟны иҟоу Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аминистр аиустициа Анри Барцыц, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Шьамтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәии Азинмч змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, уи ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа, атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу Мактина Џьынџьал.
Аилатәара алагамҭаз аилатәара иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз.
Иааԥхьаз ирҳәеит агәыҳалалратә цхыраара аизгареи аиҿкаааратә зҵаарақәа рыӡбареи рзы иахьазы имҩаԥгоу аусура атәы. Ҷыдала, ишьҭу афатә аалыҵқәеи, амыругақәеи егьырҭ, аԥсҭазаараҟны зыда ԥсыхәа ыҟам амаҭәахәқәеи рзы аинформациа рылаҳәан. Хшыҩзышьҭра аҭан ацхыраара аиҿкаара азҵаарақәа рыҟны ауаажәларратә еиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи рроль.
Аилатәара алахәцәа азааҭгылеит агәыҳалалратә цхыраара аҭара иазку анагӡаратә усбарҭақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи еиуеиԥшым реилазаарақәа русура иадҳәалоу ауснагӡатәқәа ирласны рыӡбараҟны иаку азнеишьа аус адулара.
Аиԥылара атема хаданы иҟан алогистика. Абри инамаданы иалацәажәеит аидара амҩангараан УА, Шьамтәылатәи Ареспубликеи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи рхаҭарнакцәеи дареи реимадара азҵаарақәа
Иара убас аилатәараан хшыҩзышьҭра аҭан афинанстә зҵаара, ҷыдала, Арепатриациазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә афонд ахарџьқәагьы рхархәара.
Иааԥхьаз ирҳәеит азакәанԥҵаҩцәеи анагӡаратә мчхареи еинааланы русеицура алҵшәа бзиа шанаҭо.
Аиԥылара иалахәыз ирыӡбеит уахыки-ҽнаки рыбжьара ирылаҳәаз ажәалагалақәа зегьы иақәнагоу аусбарҭақәа рыҟны аус рыдуланы, уи аихшьалақәа уаҵәтәи апарламенттә еилакы аилатәараҟны ирылаҳәазарц.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

14.02.2023
Поделиться в соцсетях: