НОВОСТИ

Апарламенттә еилакы аҟны иалацәажәеит «Аԥны Жәлар Реизара – Апарламент аҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа р-Квалификациатә коллегиахь ахаҭарнакцәа ралхразы» ақәҵара апроект
15.02.2023
Поделиться в соцсетях:

Апарламенттә еилакы аҟны иалацәажәеит «Аԥны Жәлар Реизара – Апарламент аҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа р-Квалификациатә коллегиахь ахаҭарнакцәа ралхразы» ақәҵара апроект

Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәара.
Амш азҵаараҟны иалацәажәеит «Аԥны Жәлар Реизара – Апарламент аҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа р-Квалификациатә коллегиахь ахаҭарнакцәа ралхразы» ақәҵара апроект.

«Аӡбаратә мчхаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 151   ахәҭа 2 апункт 3 шьаҭас иҟаҵаны, Апарламент адепутатцәа Алхас Ҳагбеи Алмас Акабеи ркандидатурақәа ықыргылоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа р-Квалификациатә коллегиахь амчхара азакәанԥҵаратә махәҭа аҟнытә ахаҭарнакцәас Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны рышьақәырӷәӷәаразы.