НОВОСТИ

Апарламент аҟны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак аилатәара иацҵан
15.02.2023
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак аилатәара иацҵан

Иахьа Апарламент аҟны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак инарҭбаау аилатәараан Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи иҟалаз    адгьылҵысра иахҟьаны ааха зауз агәыҳалалратә цхыраара рыҭара иазкыз ауснагӡатәқәа рылацәажәара иацҵан.
Алхас Барцыц хантәаҩра ззиуаз аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҟны иҟоу Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аминистр аиустициа Анри Барцыц, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Шьамтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәии Азинмч змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, уи ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа, атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа.

  Апарламенттә еилакы аилатәарахь иааԥхьаз амчхара анагӡаратә махәҭа ахаҭарнакцәа ирҳәеит иахьазы абри азҵаара инамаданы имҩаԥгоу аусура атәы. Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, еиқәиԥхьаӡеит аидара ашьҭразы зыда ԥсыхәа ыҟам. Уи иаҵшьны иҳәеит афатә аалыҵ аҩныҵҟа ишыҟоу ачашыла, ашьақар, ахәша, ахәыҷқәа рыфатә, амаҭәаҟнытә ишаҭаху ақәыршәқәа, ахызақәа, амшьамбақьала, атрансформаторқәа.
Шьамтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәии Азинмч змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба аиашьаратә республика Шьамтәыла иҟалаз арыцҳара иақәҿызҭыз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәаны, иҳәеит шьамтәылаа рганахьала иҟаҵоу ацхыраара атәы.

Апарламент аҟны иҟоу Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аминистр аиустициа Анри Барцыц ирылеиҳәеит Ахада инапынҵала, Аиҳабыра азыӡба шаднакылаз Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьет аҟнытә 300 нызқь доллар Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи арыцҳара иақәшәаз афинанстә цхыраара рыҭаразы ишышьҭхо. «100 нызқь доллар Ҭырқәтәылаҟа идәықәҵахоит, 200 нызқь доллар – Шьамтәылаҟа», – иҳәеит иара.
Аиԥылара аихшьалақәа рыла уи алахәцәа иаҵшьны ирҳәеит Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи арыцҳара иақәшәаз рзы агәыҳалалратә цхыраара иазку аидареи ԥарала ацхыраареи рышьҭра азҵаара хара имгакәа ишыӡбахо.