НОВОСТИ

Беслан Ҳалуашь Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара мҩаԥигеит
07.03.2023
Поделиться в соцсетях:

Беслан Ҳалуашь Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара мҩаԥигеит

Иахьа Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара.

Беслан Ҳалуашь хантәаҩра ззиуаз аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Аилак аилатәара амш азҵаара инақәыршәаны иахәаԥшит азинтәии аиҿкаара-економикатәи ҷыдарақәа ҳәаақәызҵо «Афинанстә қьыра (ализинг) азы» азакәан апроект. Азакәан апроект азкуп афинанстә қьыра, ахатәтәҩы изинқәа, аинвестициатә процесс иалахәу рзинқәа рыхьчара, аинвестициа алагалара хырҳага аманы аҟаҵара шьаҭас иаҭаны аарыхра ахархәагақәа рзы аинвестициақәа рформақәа рырҿиара.

     Аилацәажәараан аилатәара алахәцәа ахәаԥшит адепутат Инар Гыцба ирыдигалаз арҽеирақәа жәпакы, азыӡбагьы рыдыркылеит абарҭ арҽеирақәа ҳасаб рзуны, Апарламент иабжьыргарц «Афинанстә қьыра (ализинг) азы» азакәан апроект ааигәа имҩаԥысраны иҟоу асессиа аилатәараҟны аҩбатәи аԥхьараан ишьақәырӷәӷәазарц.

Ари азакәан апроект рыдыркылахьан 2021 шықәса цәыббрамза 29 рзы актәи аԥхьараан.  
Аилак алахәцәа иара убас иалацәажәеит «Аинвестициатә усуреи ашәахтәқәҵареи русхк аҟны азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаразы» азакәан апроект.

Апроект хықәкы хаданы иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра хазы игоу административтә-адгьылҵакыратә акақәа рыҟны, хықәкыла, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рыҟны аинвестициатә процессқәа рхацыркразы ашәахтәтә зин ҷыдақәеи урҭ риуразы аҭагылазаашьақәеи разгәаҭарала азинтә шьаҭақәа раԥҵара.