НОВОСТИ

Ашәба Лаша  адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеит
08.03.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша  адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеит

Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша  адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

Акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәыблыла ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш!  
Иахьа аҳәса аԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа зегьы рыҟны аҭыԥ ҷыда ааныркылоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәар ҳҭахуп аамҭақәа зегьы раан шәара

Аԥсадгьыли аҭаацәареи рыхьӡала арӷьажәҩаны шәахьҳадгылоу, аџьаус аҟнеиԥш, иуадаҩу аибашьра ашықәсқәа рызгьы.  Аԥҳәыс илыллыршо рацәоуп, аха убри аангьы илыгӡам ахаареи агәыкреи, аҟәыӷареи ачҳареи, қәҿиарала иналыгӡоит лнапы злаку аусқәа. Шәара – ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа ишәыбзоураны ҳаҩнаҭақәа рыҟны аҳра руеит есқьынгьы аԥхарра, аҳәоуеиқәшәара, аҳаҭыреиқәҵара.
    
Гәык-ԥсык ала ари амш рыдныҳәало, Аԥснынтәи гәырӷьа жәабжьны ирылаҩырц ҳҭахуп ааԥын ныҳәа ссир ҳаԥсадгьыл анҭыҵ иҟоу ҳџьынџьуаагьы! Ирзеиӷьаҳшьоит зегьы агәабзиара, анасыԥ, ахирра! Ҩнаҭацыԥхьаӡа
иагымзааит ажәабжь бзиа, иҟазааит аизҳара, агәыхәтәыхьӡара.

Ҽаанбзиала шәнеилааит акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳандуцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҩызцәа, ҳколлегацәа!