НОВОСТИ

Апарламент Аиҳабы Н.Кәарҷиа ииубилеитә рыцхә идиныҳәалеит
08.03.2023
Поделиться в соцсетях:

Апарламент Аиҳабы Н.Кәарҷиа ииубилеитә рыцхә идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара - Аарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Н.Кәарҷиа ииубилеитә рыцхә идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Нури Еремеи-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Шәира амш. 70 шықәса шәхыҵра амш аҽны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Шәара шәырҿиаратә ҟыбаҩ, шәгәамч Аԥсадгьыл амаҵ аура иахьазышәкыз.  
Аԥсуа жәлар рытрадициақәа, рбызшәа, ркультура аиқәырхаразы, ҳтәыла иқәынхо реиԥш, уи анҭыҵгьы иҟоу ажәларқәа рырҿиара адгыларазы имҩаԥыжәго аусура Шәара шәыԥсҭазаараҟны хадара змоу хырхарҭаны иҟоуп.

Акыр шықәса раахыс Шәара напхгара ашәҭоит И. Е. Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр. Арҿиаратә конкурсқәа, ацәыргақәҵақәа, афестивальқәа реиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа традицианы иҟалеит, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп жәларбжьаратәи аҵакы заузгьы.  Шәара ишәыбзоураны ҳарҿиаратә коллективқәа изныкымкәа қәҿиарала ҳреспублика ахьӡала иқәгылахьеит аҳәаанырцә. Жәлар рырҿиаралеи аҟазара абызшәалеи Шәара ишәылшеит ахьыӡ ҿыцқәа рцәыргара. Шәусураҟны шәзықәныҟәо аԥҟара хадақәа иреиуоу «Ҳәаа змам аиҩызара» – аԥсҭазаара иаларҵәахоит ишәҟазшьоу агәацԥыҳәареи ахықәкынагӡареи рыла.

    Ганрацәала еибыҭоу шәусура, ишәыдгылаша ауаа рыԥшаара, шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рынагӡара ирыбзоураны Шәара аҳаҭыри ахьӡи шәрыԥсахеит.  

   Шәара акультура аусхк аҟны жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҟны шәылшамҭақәа рзы ишәанашьоуп аҳамҭақәеи ахьыӡқәеи жәпакы. Жәлар рырҿиареи амузыкатә фольклори рыларҵәаразы, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аҩадатәи Кавкази рыбжьара акультуратә еимадарақәа рырҿиараҿы шәлагаламҭазы ишәанашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара. 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл аҿаԥхьа иаашәырԥшыз афырхаҵаразы ишәанашьоуп Леон иорден.

Ҳаҭыр зқәу Нури Еремеи-иԥа! Шәара иаашәырԥшуа агәацԥыҳәареи ауаа ирышәҭо анасыԥи шәхықәкы ҿыцқәа рынагӡараҟны ицхыраагӡаны иҟалааит. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡара ҿыцқәа".