НОВОСТИ

Леонид Лакербаиа напхгара зиҭоз Аԥснытәи аделегациа Аҩадатәи Кавказ инхо 1992–1993 ш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз рҭаацәа ирҭааит
10.03.2023
Поделиться в соцсетях:

Леонид Лакербаиа напхгара зиҭоз Аԥснытәи аделегациа Аҩадатәи Кавказ инхо 1992–1993 ш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз рҭаацәа ирҭааит

Хатәгәапхаралатәи аибашьцәа русқәа знапы алаку Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» ахаҭарнакцәа рыла ишьақәгылаз Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутат Леонид Лакербаиа напхгара ззиуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Аҩадатәи Кавказ ареспубликақәа рыҟны инхо 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз рҭаацәа ирҭааит.
Аделегациа аҭаараны иҟан Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика, Аҩадатәи Уаԥстәыла – Аланиа Ареспублика, Алада Уаԥстәыла Ареспублика, аха амҩақәа ахьаркыз иахҟьаны Алада Уаԥстәыла аҭаара даҽа аамҭак ахь ииаган.
Аделегациа аилазаараҟны иҟан Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Лиалиа Чамагәуа, уи алахәҩы Ирина Кәакәасқьыр, ААТРЕ ахаҭарнакцәа. Ари аусмҩаԥгатә мҩаԥысит 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны.
Аделегациа ахаҭарнакцәа хәажәкырамза 3 рзы Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликаҟны ианнеи хатәгәаԥхралатәи аибашьцәа рыхьӡала Нальчик ишьақәыргылоу абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  
Ари аныҟәара хықәкы хадас иаман хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ранацәа реиԥш, аибашьра ахҭысқәа раан иҭахаз ранацәагьы рԥылара.  
«Аԥсны жәлар рыхьӡала иҭабуп ҳәа раҳҳәеит ҭаацәацыԥхьаӡа ҳахьнеиз, дара рганахьалагьы иҭабуп ахырҳәааит ҳнеира, абри аҟара шықәса шыиасызгьы ҳтәылаҟны урҭ рыхшара ахьыргәалашәо азы. Аҭаацәарақәа зегьы рыцыԥхьаӡа ирыҭан афатә аалыҵқәа еидкыланы, бжьаратәла 70 кг рҟынӡа.», – иҳәеит Л. Лакербаиа.

Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликеи Аҩадатәи Уаԥстәылеи имҩаԥысит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рԥылара.
Владикавказҟа амҩа иқәыз аделегациа аҩада-уаԥстәылатәи хатәгәаԥхралатәи аибашьцәа ацны Беслан ақ. аҟны иаҭааит амемориалтә ԥсыжырҭа «Амаалықьцәа рықалақь».

Леонид Лакербаиа дихцәажәеит хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы Роберт Кулумбеков, дышқәыԥшӡаз Аԥсны ахақәиҭразы еибашьуаз, 2022 шықәса хәажәкырамзазы Урыстәыла иҷыдоу арратә операциаан иҭахаз. Р. Кулумбеков дахьынхоз Владикавказ амҩа иара ихьӡ ахҵоуп, абри аҭыԥ иаҭааит Аԥснытәи аделегациа.
Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа зегьы Аԥсныҟа аԥхынтәи аԥсшьаразы ааԥхьара рыҭоуп.  Леонид Лакербаиа иаҵшьны иҳәеит рызегьы, аӡә далымхкәа, Аԥсны ахьӡала салам аарҭиит, гәахәарыла иагьрыдыркылеит ари ааԥхьара. «Ҳаҷкәынцәа рҭахамҭаз рыԥсыԥ злалаҩаргоз аҳауа ҳаргьы ҳалахәзар ҳҭахуп, ари ҳара ҳзы аҵак ду амоуп», - рҳәеит дара.

Леонид Лакербиа ас еиԥш иҟоу аныҟәарақәа аԥхьаҟагьы ирыцҵахоит иҳәеит:  «Ҳара ҳарҭаараны ҳаҟоуп Ҟарачы-Черқьесиа, Адыгеиа, Чечентәи Ареспублика, Ингәушетиа, Алада Уаԥстәыла Ареспублика. Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рыҟны Калининград инаркны Алтаинӡа инхоит хатәгәаԥхралатәи аибашьцәа ранацәа 20-ҩык».

Ишьақәырӷәӷәоу апрограмма инақәыршәаны иазԥхьагәаҭоуп иара убас хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рнышәынҭрақәа рҭаара, аибашьра ашьҭахь зыхәрақәа ирхырҟьаны зыԥсҭазаара иалҵызгьы налаҵаны.
Л. Лакербаиа иазгәеиҭеит  аиԥыларақәа раан Аԥсны ишьақәыргылахараны иҟоу хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рбаҟақәа ишрызҵаауаз.
«Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рҭынхацәа неины иахьыргәаладыршәаша аҭыԥқәа ыҟазароуп. Ари азҵаара аӡбара мҩаԥысуеит», - иҳәеит  иара.

Ари аныҟәара аиҿкаара алыршахеит Аԥсны Ахада Иадминистрациа афинанстә дгыларала, аилахәыра «Азид», адепутатцәа: Фазлыбеи Аҩӡба, Рашида Аиба, Аслан Лакоба, Бадрик Ԥлиа, Беслан Ҳалуашь, Дауҭ Хәытаба, Дмитри Маршьан рыцхыраарала.