НОВОСТИ

Апарламенттә Еилакы амш азҵаара аҳәаа иҭагӡаны Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу имаҵурахьы акандидатурақәа ирыхәаԥшит
15.03.2023
Поделиться в соцсетях:

Апарламенттә Еилакы амш азҵаара аҳәаа иҭагӡаны Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу имаҵурахьы акандидатурақәа ирыхәаԥшит

Иахьа Апарламент аҟны Дауҭ Хәытаба ихантәаҩрала имҩаԥысит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара.

Аилатәара иалагаанӡа аилатәара иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит.

Аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, АА Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу Асида Шакрыл.

«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу изы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны адепутатцәа ахәаԥшит Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу имаҵурахьы Гәында Џьениа, Анас Қьишьмариа, Диана Кереселиан ркандидатурақәа. Аилак имҩаԥнагаз ахцәажәарақәа реихшьалақәа рыла азыӡба рыдыркылеит ари азҵаара ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Апарламент асессиа аилатәараҟны ахәаԥшразы ацәыргаразы.

Амш азҵаара инақәыршәаны иахәаԥшит «Аӡбаратә нагӡаҩцәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Ари аԥсахра иаҳәоит аӡбаратә нагӡаҩцәа анагӡаратә усқәа рымҩаԥгараани мчыла анагӡаратә уснагӡатәқәа рхархәараани АА Аиустициа аминистрнра ишьақәнаргыло аԥҟарақәа рыла иҷыдоу афотовидеошьақәыргылара мыругақәа рхархәара ҟалароуп ҳәа
Азакәанапроект авторцәа иалагалахараны иазгәаҭоу ахарҭәаара анагӡаратә усқәа рымҩаԥгара апроцесс аан абарҭ ахықәкқәа рынагӡара иазкуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, ҷыдала:  
ацәгьоурақәеи азинеилагарақәеи рзы агәҽанҵареи рԥырҟәҟәаареи; аӡбаратә анагӡаҩ хаҭалатәи ишәарҭадара алыршара; аӡбаратә нагӡаҩы ихымҩаԥгашьа азакәантәра ашьақәырӷәӷәара.

Аилацәажәара ашьҭахь Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит Апарламент иадыргаларц асессиа изаамҭанытәиу аилатәараҟны актәи аԥхьараан ари азакәанапроект адкылара.
Аилак аҟны иара убас ҳазҭоу ашықәс жәабранмза 23 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак амҩатә ныҟәарақәа рыҟны административтә зинеилагарақәа рыҟаҵаразы аҭакԥхықәра арӷәӷәара ахәҭаҟны аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект аус адулара иацҵоуп.