НОВОСТИ

Ашот Миносиан Крым Урыстәыла алалара иазкыз аишәа гьежь аилатәара далахәын
22.03.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашот Миносиан Крым Урыстәыла алалара иазкыз аишәа гьежь аилатәара далахәын

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан «Крым Урыстәыла иалоуижьҭеи 9 шықәса ҵит. Крым иалнахыз амҩеи аиашеи амзызқәеи» атема иазкыз аишәа гьежь аилатәара далахәын. Уи мҩаԥысит Москватәи акультура-устә центр «Аԥсны иҟоу Москва аҩны» аҟны.

Ашот Миносиан аишәа гьежь иалахәыз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала аԥсшәа раҳәаны, ажәахә ҟаиҵеит. Ажәахә аҟны иааркьаҿны имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә атема ианамаданы апарламент аусура далацәажәеит.