Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ааԥынтәи асессиа аилатәара. Аилатәара мҩаԥысит Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша ихантәаҩрала.
«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ауаҩы изинқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 19 инақәыршәаны Апарламент адепутатцәа азыӡырҩит иагьрыдыркылеитт Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу Шьаҟрыл Асида 2022 шықәсазтәи лусуразы ажәахә.
Адепутатцәа Шьаҟрыл Асидеи Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу лаппарати имҩаԥыргаз аусура иҭабуп ахырҳәааит.
Шьаҟрыл А. омбудсменс далхын 2018 шықәса хәажәкырамза 21 рзы. Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу далххоит хәышықәса ҿҳәарас иҭаны.
Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу лықәгылара атекст харҭәааны шәаԥхьар шәылшоит абри азхьарԥш ала: https://ombudsmanra.org/press-tsentr/novosti/789/
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

27.03.2023
Поделиться в соцсетях: