НОВОСТИ

Апарламент аҟны имҩаԥысит аилакқәа ҩба реилатәара
28.03.2023
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны имҩаԥысит аилакқәа ҩба реилатәара

Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент аҟны имҩаԥысит Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилаки Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилаки инарҭбаау реилатәара.

Уи иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Апарламент адепутатцәа реиҳараҩык.

  Аилатәара В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аусура ахацыркреи уи анаҩстәи аусуреи ирызку урыстәылатәи аиуристтә хаҿы инаигӡо аинвестициатә проект азы Аԥсны Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра апроект алацәажәара иазкын. .
Аилацәажәара иалахәын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, уи лхаҭыԥуаҩ Ҭемраз Амқәаб, Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ахада Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Наҭела Ломиа.

Аилатәара аартуа, Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц иаҵшьны иҳәеит Аиқәшаҳаҭра апроект аус адулараан аусеицура Апарламент аҟны ишьақәырӷәӷәахаанӡа иаҵаҩхараны иҟоу адокумент аҳаҭабзиара ишаныԥшуа. Аиқәшаҳаҭра апроект Аганқәа В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылареи, аусура арҿиареи, ахархәареи ирызку аинвестициатә проект анагӡаразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵареи адгылара рыҭареи рзы ирымоу агәаҳәара шаныԥшуа.
Уа иарбоуп Аганқәа рзинқәеи рхыдҵақәеи, иҳәоуп аинвестициатә проект анагӡара адгылара аҭара аекономикеи атәылауааи рҭагылазаашьа аиӷьтәра ишацхраауа атәы.
Аиԥылараан уи иалахәыз ирыдгалаз апроект аԥҟарақәа хәҭа-хәҭала аус адулара нап адыркит.
Аилатәараҟны иазгәаҭан Апарламент ахаҭарнакцәа аԥхьаҟагьы абри Аиқәшаҳаҭра апроекти иақәнагоу анорматив-зинтә актқәеи разырхиара иадҳәалоу аусура ишалахәхо.