Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент аҟны имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак инарҭбаау аилатәара.
Ҭемыр Шергелиа хантәаҩра ззиуаз аилатәара иалахәын Апарламент аҟны иҟоу Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барциц, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, ари аусбарҭа егьырҭ аусзуҩцәа. Аилатәара иалахәыз Аԥсны арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыларҵәареи рыдкылареи инарымаданы иҟоу аоперативтә ҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа, ари аусхк аҟны аус зуа азакәанԥҵара анагӡашьа ирылацәажәеит
Ишьақәгыло азакәанхархәаратә ԥышәа иалацәажәо, аилатәараҟны ҷыдала хшыҩзышьҭра арҭеит Апарламенти азинхьчаратә еилазаарақәеи, анагӡаратә мчхара аусбарҭақәеи аԥхьаҟатәи русеицура.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

30.03.2023
Поделиться в соцсетях: