Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Александр Коршунов Иирамш идиныҳәлеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Александр Виктор-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шира амш! Шықәсырацәалатәи Шәара шәпарламенттә усура аҭакԥхықәра дуи апрофессионализми ирҿырԥшыганы иҟоуп.
Ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аус аҟны шәлагаламҭа. Агәра ҳгоит аиҩызареи, агәреибагареи, аусеицуреи шьаҭас измоу аизыҟазаашьақәа ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала аҿиара шроуа.
Ҳаҭыр зқәу Александр Виктор-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ҩнаҭала анасыԥ, аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рыӡбараҟны аихьӡарақәа».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

02.04.2023
Поделиться в соцсетях: