Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Лирамш лыдиныҳәлеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа! Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәирамш! Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит шәдыррақәа, аусураҿы ишәымоу аԥышәа, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи русеицура арҿиараҟны хаҭалатәи шәлагаламҭа.
Гәацԥыҳәарала имҩаԥыжәго шәыԥсҭазааратә позициеи шәыхьӡ-шәыԥшеи аԥхьаҟагьы Урыстәыла Ду аизҳазыӷьара иазкызааит.
Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа! Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахҭыс бзиақәа шәыԥсҭазаараҟны».
                    ПОПУЛЯРНОЕ
                
              НОВОСТИ
                    
                      07.04.2023
                      
                    
                        Поделиться в соцсетях: