НОВОСТИ

Ашәба Лаша Алан Алборов Алада Уаԥстәыла Ареспублика Аконституциа амш идиныҳәалеит
08.04.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Алан Алборов Алада Уаԥстәыла Ареспублика Аконституциа амш идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Алада Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент Аиҳабы Алан Алборов Аконституциа  амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Алан Иури-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Алада Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент адепутатцәагьы Шәаргьы ишәыдысныҳәалоит Алада Уаԥстәыла Ареспублика Аконституциа амш.
Аконституциа амш – иарбанзаалак атәыла ауааԥсыра рзы ныҳәа дууп. Уи иадҳәалоуп ахьыԥшымра, ахақәиҭра, адемократиа, азинӡбара, аҭынчра, ашәарҭадара азҵаарақәа.
Жәларызегьтәи ареферендум аҟны Аконституциа адкылара ихьыԥшым Алада Уаԥстәыла Ареспублика аҭоурых аҟны акрызҵазкуа аамҭоуп, уи аҳәынҭқарра аҿиара ашьаҭа арӷәӷәеит. Ҳара агәра ҳгоит, аԥхьаҟагьы ареспублика аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рынагӡара уасхырс ишаиуа.
Иазгәаҳҭар ҳҭахуп ҳпарламентқәа рроль Аԥсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаԥстәыла Ареспубликеи итрадициатәу, аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәараҟны, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҟны ихадоу ахырхарҭақәа рыла аԥхьаҟатәи аусеицураҟны.

Ҳаҭыр зқәу Алан Иури-иԥа! Шәаргьы ишәыдгыланы аус шәыцызуа шәколлегацәагьы ишәзеиӷьаҳшьоит аихьӡарақәа азакәанрҿиаратә усураҟны, Алада Уаԥстәыла Ареспублика атәылауаа зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара!».