НОВОСТИ

Резо Занҭариа ихантәаҩрала апарламенттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит
10.04.2023
Поделиться в соцсетях:

Резо Занҭариа ихантәаҩрала апарламенттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит

Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аусуратә еилатәара. Уи мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа.
Аилак аҟны иалацәажәеит урыстәылатәи аиуристтә хаҿы инаигӡараны иҟоу В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аусура аиҭахацыркреи аԥхьаҟатәи аусуреи ирызку аинвестициатә проект азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра.
Анаҩс, аилатәара амшахәаԥштә инақәыршәаны Аилак алахәцәа Резо Занҭариа ирыдигалаз азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа жәпакы ирыхәаԥшит. Ҷыдала, иахәаԥшын «Аԥсны Аҳәынҭқарра Адгьылтә Закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәанпроект. Автор игәаанагарала, азакәанпроект хықәкы хаданы иамоуп , адгьыл аҭара апроцесс аркьаҿреи, ари аԥҟара аҿҳәара аиҵатәреи хықәкыс иҟаҵаны адгьылқәа категориак аҟнытә даҽа категориак ахь риагара аԥҟара армариара.