НОВОСТИ

Ашәба Лаша Аҟәатәи абжьаратә школ № 14 даҭааит
14.04.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Аҟәатәи абжьаратә школ № 14 даҭааит

Закәанԥҵарала ишарбоу ала, алхратә округ аҟны аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьа   Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аҟәатәи абжьаратә школ  № 14 даҭааит. Ибеит ашкол аспорттә зал.
Ашәба Лаша иҳәеит аибашьра еилгазар аахыс ашкол аспорт зал аҭагылазаашьа шыбааԥсу, аус шамуа. Абри инамаданы ашкол адиректор Бениа Рита адырра лиҭеит 2023 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет анрыдыркылоз адепутатцәа Аҟәа ақалақь алхратә округқәа рзы аԥара шадырбаз. Иара игәаанагарала, ари аокруг азы иарбоу аԥара ашкол аспорттә зал аиҭашьақәыргыларахь ишьҭтәуп. Ашәба Л. иазгәеиҭеит:  «Арҭ аԥарақәа аспортзал шьаҭанкыла арҽеиразы иазхаӡом, аха сгәы иаанагоит ақалақьи ареспубликеи рнапхгара ацхыраара ҳарҭап ҳәа аусурақәа ианаамҭоу ахыркәшаразы». Уи иҳәеит ари ашкол аҿы аҵара зҵоз аӡәырҩы иахьа Аԥсны иахьаҵанакуеиԥш, уи анҭыҵгьы анаплакратә усура рнапы шалаку, урҭгьы ацхыраара ҟарҵап игәы ишаанаго.

Ашкол адиректор аокруг адепутатцәа лхы рықәкны, ҷыдала, илҳәеит: «Ашкол аспорт зал аиҭашьақәыргыларазы алшара иалацәажәоит, уи иагьақәгәыӷуеит». Уи лажәақәа рыла, азал аурокқәа рзеиԥш, ашколнҭыҵтәи аусуразгьы хархәара аҭахоит».

Иара убас Ашәба Л. иҳәеит: «Ари аокруг аҟны иҟоуп иара убас ашкол № 6, уаҟагьы абас еиԥш апроблемақәа ыҟоуп. Инеишьҭаргыланы урҭ рыӡбара ҳалагоит».
Апарламент Аиҳабы ашкол аҿы ашколтә крыфарҭа ибеит, ара ашколхәыҷқәа драцәажәеит.