НОВОСТИ

Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатцәа гуманитартә миссиала Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟан
15.04.2023
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатцәа гуманитартә миссиала Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟан

Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аслан Лакоба, Алхас Барцыц, Инар Гыцба, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьазы аминистр Лев Кәыҵниа гуманитартә миссиала Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟан.  
Урҭ ҭырқәтәылатәи аган иарҭеит ааигәа имҩаԥысыз адгьылҵысра иахҟьаны аԥхасҭа зауыз ауааԥсыра рзы Аԥсны еизыргаз агуманитартә еидара.
Иааизакны инаргеит 200 тонн инарзынаԥшуа афатә аалыҵқәа: ачашыла, ашьақар, арыц, азеҭхәша, аӡы.

Аԥсуа делегациа аҭааит иҟалаз адгьылҵысра ду иахҟьаны аԥхасҭа зауыз ақалақьқәа жәпакы,  Аделегациа иацын Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Азинмчы змоу Ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа.