НОВОСТИ

Ашәба Лаша Аԥсны иқәынхо ақьырсианцәеи ҳауаажәлари Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит
16.04.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Аԥсны иқәынхо ақьырсианцәеи ҳауаажәлари Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит

Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент  Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны иқәынхо ақьырсианцәеи ҳауаажәлари Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит.

  «Ҳаҭыр ҳауаажәлар. Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Гәык-ԥсык ала ақьырсиан иашахаҵара ныҟәызго зегьы ишәыдысныҳәалоит Мшаԥныҳәа ду! Мшаԥы аԥсҭазаара аҿыхара символра азызуа, ауаа рыгәқәа гәырӷьарла, бзиабарала изырҭәуа ныҳәа дууп. Дарбанзаалак ақьырсиан изы Иаса Қьырса имҭаны иҳауыз аҵас бзиақәа реиқәырхара аҵак ду амоуп. Мшаԥныҳәа иацу аԥхарреи алашареи шәыцзааит есқьынгьы, иҵаулоу аҵас бзиақәа реилкаараҟны илашарбаганы иҟалааит.
Абарҭ аныҳәамшқәа рзы Аԥсны жәлар, ақьырсиан иашахаҵаҩцәа Анцәа илԥха рыгымзааит дасу рнапы злаку аусқәа рыҟны, рыҩанаҭақәа рыҟны».