НОВОСТИ

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент IV аапхьара адепутат Сенер Неџьем-иԥа Гогәуа
18.04.2023
Поделиться в соцсетях:

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент IV аапхьара адепутат Сенер Неџьем-иԥа Гогәуа

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент  IV аапхьара адепутат Сенер Неџьем-иԥа Гогәуа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы гәалсрала дрыдышшылоит иуацәеи иҭынхацәеи.

Адышшылараҟны иҳәоуп:

"Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент гәалсрала ирыдышшылоит акыраамҭатәи ичымазара ашьҭахь зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент  IV ааҧхьара адепутат Сенер Неџьем-иԥа Гогәуа иуацәеи иҭынхацәеи.
Иԥсҭазара далҵит Аԥсны аҵеи хьӡырҳәага, зажәеи зуси еимадаз апатриот иаша.
1971 шықәса нанҳәамза 19 рзы Ҭырқәтәыла аԥсуа мҳаџьырцәа рҭаацәараҟны ииз Сенер Неџьем-иԥа Гогәуа есқьынгьы иабацәа рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра, ара анхара-анҵыра дазгәышьуан.
  Сенер Гогәуа дышқәыԥшыз иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дхынҳәит, 1990 шықәсазы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет дҭалеит афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ.
Иара дыруаӡәкын аԥсадгьыл амаҵура зегьы ирыцкуп ҳәа изыԥхьаӡоз. Уи ус шакәу арҵабыргит С. Н. Гогәуа 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны афырхаҵареи агәымшәареи аарԥшны иҩызцәа дрывагыланы иԥсадгьыл ахьчаразы дангыла.
     Сенер Неџьем-иԥа аҵак ду аиҭон аҵареи аԥсадгьыл ахь ахынҳәреи рызҵаарақәа, абарҭ ахырхарҭақәа инапы агьрылаикит иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан, иара убас Гагра ақ. Администрациа аԥсадгьыл ахь ахынҳәра аусқәа рзы ахада ихаҭыԥуаҩ имаҵураҟны даныҟаз. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата азинмчы змоу ахаҭарнак, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыԥуаҩ иаҳасабала иусура ҳҳәынҭқарра жәларбжьаратәи ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи ирызкын.
2007 шықәсазы Сенер Неџьем-иԥа Гогәуа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҟәатәи алхратә округ № 2 ала адепутатс далхын. Идепутаттә усураан Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак далахәын. Ахантәаҩы иаҳасабала аусура ду мҩаԥигеит аџьынџьуаа рымадаразы аилак аҟны. Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа далахәны иара изныкымкәа атәыла анҭыҵ Апарламент хаҭарнакра азиухьан ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рыҟны аусеицура арӷәӷәаразы. Зегьы еицырдыруеит агәыҳалалратә усураҟны илагаламҭа атәы.  
Аҳәынҭқарра ахә ҳаракны иашьеит С. Н. Гогәуа аполитикатәи, ауаажәларратәи усураҟны илшамҭақәа, уи ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара.  
  Сенер Гогәуа деицырыдруеит згәы аартыз, ааԥсара ззымдыруаз, ауаҩы изааигәаз, идгылара, ихаҵгылара злаз аӡә иаҳасабала. Уи фырхаҵарыла данысит икьаҿу, аха ԥышәарала иҭәыз имҩа.
Сенер Неџьем-иԥа Гогәуа игәалашәара лаша ҳацзаауеит ахааназы. Гәалсрала ҳрыдышшылоит аԥсуа жәлар рҵеи иаша дзыԥхаз иҭынхацәа, иҩызцәа, дыззаигәаз зегьы".