НОВОСТИ

Ашәба Лаша Валентина Матвиенкои Виачеслав Володини Урыстәылатәи Апарламентаризм амш рыдиныҳәалеит
27.04.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Валентина Матвиенкои Виачеслав Володини Урыстәылатәи Апарламентаризм амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реиазара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгаҩцәа Урыстәылатәи Апарламентаризм амш рыдиныҳәалеит.
Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко лыхьӡала ишьҭыз дныҳәалараҟны иҳәоуп:
«УА апарламент аусура, апарламентарицәа рыпрофессионализми иныҟәырго аҭакԥхықәреи Урыстәылеи уи атәылауааи рԥеиԥш ауасхыр ӷәӷәа азышьҭанаҵоит.
Агәра ганы иазгәасҭар сҭахуп ҳтәылақәа рпарламентқәа русеицура Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицура азинтә шьаҭа аԥхьаҟа аиӷьтәра ишазкхо».

Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Вичеслав Володин ихы иқәкны Ашәба Лаша иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа! Аԥсны Жәлар Реиазара-Апарламент ахьӡала Шәаргьы шәколлегацәа– УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәагьы ирыдысныҳәалоит Урыстәылатәи Апарламентаризм амш !
УА Аҳәынҭқарратә Дума аусура ажәлари аҳәынҭқарреи ринтересқәа ирызкуп.  Агшра ҳгоит ҳпарламентқәа аԥхьаҟатәи русура Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара ганрацәалатәи аусеицура ишацхраало».
Аԥсны Жәлар Реиазара-Апарламент Аиҳабы Афедерациа Ахеилак алахәцәеи Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи ирзеиӷьасшьоит алҵшәа змоу аусреи иазԥхьагәаҭоу ахықәкқәа рынагӡареи.