Аԥсуа дукатра 100 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә еилатәараҟны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Адукатцәа рпалата ахьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит.
 Адукатцәа рпалата Ахантәаҩы Чагәаа Константин ихы иқәкны  Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша иҳәеит: 
«Ҳаҭыр зқәу Алексеи Иосиф-иԥа! Акыр иаԥсоу аветеранцәа! 
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 78 шықәса ахыҵра!
Абри аҟара шықәсарацәа шыҵхьоугьы, есышықәса Лаҵарамза 9 амш аҽны хьааи гәырҩеи ишәхышәгаз шырацәоугьы, гәырӷьарак, гәалаҟара ҷыдак ацуп ари амш.
 Ишәыдгылаз шәҩызцәа, шәыуацәа, шәҭынхацәа аӡәырҩы абри ашықәс еиқәаҵәақәа раан иҭахеит. Урҭ хашҭра рықәӡамкәа ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит есқьынгьы.
 Иахьагьы шәара – ари Аибашьра ду иалахәыз, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рзы акыр аџьа збаз зегьы – фырхаҵара згым шәҭоурых иааӡоит абиԥара ҿыцқәа, ҿырԥшыга бзианы ирыцуп хәызмаӡам шәгәалашәарақәа.  
 
Акыр иаҳзаԥсоу аветеранцәа, ишәыдаҳныҳәалоит Аиааира амш!
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ахирра! 
Ҳаҭыр дула ишәзыҟоу,    
 
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент 
Аиҳабы                                                        Ашәба Л.»
                    ПОПУЛЯРНОЕ
                
              НОВОСТИ
                    
                      05.05.2023
                      
                    
                        Поделиться в соцсетях: