Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, УА Аҳәынҭқарратә Дума амилаҭқәа русқәа рзы аилак алахәҩы Анастасиа Удальцова дидикылеит.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилакқәа рхантәаҩцәа Венори Бебиеи Рашида Аибеи, иара убас Апарламента Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.
Адепутатцәа иактуалтәу атемақәа жәпакы ирылацәажәеит. Урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа ахысра иадҳәалоу апроблема, атуристтә усхк, АА-еи Урыстәылеи рыбжьара авиеимадара аԥеиԥш иадҳәалоу ахырхарҭақәа,иара убас азакәанрхиаратә усура иазку хазы игоу азҵаарақәа.
Иазааҭгылеит иара убас Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи русеицуразы акомиссиа аусура.
Аиԥылара иалахәыз ҩ-ганктәи апарламентбжьаратә еимадарақәа аԥхьаҟагьы рырӷәӷәара ишазхиоу атәы рҳәеит.
ПОПУЛЯРНОЕ
- Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
- АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА
- Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
- Иазԥхьагәаҭаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥымсӡеит
- Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара
НОВОСТИ
05.05.2023
Поделиться в соцсетях: