НОВОСТИ

Валентина Матвиенко Ашәба Лаша Аиааира амш идылныҳәалеит
08.05.2023
Поделиться в соцсетях:

Валентина Матвиенко Ашәба Лаша Аиааира амш идылныҳәалеит

УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша дидныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 1941–1945 шш. Аџьыньџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира амш!  

Лаҵарамза 9 – ҳҭоурых аҿы иҷыдоу рыцхәуп. Аԥсадгьыл абзиабареи асоветтә жәлар зегьы аӡәк еиԥш реидгылара ауаатәҩса рҭоурых аҟны зегь раасҭа ишьаарҵәыраз аибашьраҿы Аиааира агара алзыршаз роуп.
Абри амш азы ҳаҭырла иаҳгәаҳалаҳаршәоит аибашьра иалахәыз, урҭ ашьҭахьҟьа ирыцхраауаз, зхы ақәҵан Аиааира аагара зылшаз.
Уалԥшьаны иҳадуп игыло абиԥарақәа рҟынӡа анагара ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵара атәы, ҳҭоурых аилагареи анацизм арҿыхареи рзы аҽазышәарақәа хаха рҿагылара. Агәра згоит жәохә шықәса раԥхьа ишьақәгылаз зхы иақәиҭу Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ишьақәгылаз аимадара лыҵшәбзиала ҳазҭоу аамҭазтәи ашәарҭарақәа риааираҿы цхыраагӡа дуны ишыҟало, азҵаарақәа жәпакы рыҟны ҩ-ганктәи аусеицуразы мыруга бзианы ишыҟоу азы».