НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аделегациа идикылеит
11.05.2023
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аделегациа идикылеит

Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алеишәатә коллегиа ахантәаҩы Сергеи Рудакови аӡбаҩцәа Рхеилак Ахантәаҩы, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апленум, УА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа р-Маӡаныҟәгаҩ Виктор Момотови дырԥылеит.

Аԥсуа ган аҟнытә аделегациа аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы, Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, адепутат Алхас Ҳагба,  Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.

Аиԥылара мҩаԥысит азеиԥш иурисдикциа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбарҭақәа аԥҵоижьҭеи 100 шықәса аҵра азгәаҭара инамаданы.

Асасцәа ихы рықәкны Апарламент Аиҳабы иҳәеит: «Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны. Гәахәароуп абас еицырдыруа ауаа ахьаҳҭааз азеиԥш иурисдикциа змоу аӡбарҭақәа риубилеи азгәаҭаразы».

Ашәба Л. иара убас иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыӡбаратә мчхара ахаҭарнакцәа русеицуреи реинырреи аҿиара ишаҿу.

Аиԥылараан Сергеи Рудакови Виктор Момотови ргәы иахәаны иалацәажәеит ареспубликаҟны иахьыҟаз ирбаз, ираҳаз, рколлегацәа акрызҵазкуа арыцхәгьы рыдырныҳәалеит.