НОВОСТИ

Апарламент аҟны иахәаԥшуеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистикатә усуразы» Азакәан аԥсахрақәа ралагалара
11.05.2023
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны иахәаԥшуеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистикатә усуразы» Азакәан аԥсахрақәа ралагалара

Беслан Ҳалуашь ихантәаҩрала Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара.

Аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа аиҳабы Кама Гогьиа.

Иалацәажәеит 2023 ш. мшаԥымза 19 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Акцизақәа рзы» азакәан апроект.  
Азакәан апроект атауар ахәԥсеи аахәаҩ зыхәԥса ишәо иаҵанакуеи инахықәшаны ашәахтә ақәҵара аԥҟара аиӷьтәра иазкуп.

Азакәанапроект авторцәа акцизақәа ршәараан азинеизыҟзаашьақәа рҳәаақәҵаразы ҳаамҭазтәи аҭахрақәа ирықәшәоит ҳәа ирыԥхьаӡоит, уи анрыдкылаха акцизақәа рхылаԥшразы еиҳа еиӷьу ауснагӡатәқәа рынагӡара алшоит, уи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахашәалатә биуџьет аизырҳара алнаршоит. Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит Апарламент иабжьгазарц имҩаԥысраны иҟоу асессиа аилатәараан ари азакәанапроект аҩбатәи аԥхьараан ирыдыркыларц.́

Анаҩс, Аилак ахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистикатә усуразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.  

Ахцәажәара аихшьалақәа рыла азыӡба рыдыркылеит абри азакәанапроект Апарламент асессиа аилатәараан ахәаԥшразы ацәыргаразы актәи аԥхьараан адкыларазы.