Аҧсны Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Иира амш аҽны Ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын.
Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 ш. аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҧыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Ашәарҭадара Амаҵзура амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аиҳабыра алахәцәа, адепутатцәа, аветеранцәа, ашколхәыҷқәа.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

14.05.2023
Поделиться в соцсетях: