НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рыхьӡала агәаларшәагатә баҟа аартра иалахәын
22.05.2023
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рыхьӡала агәаларшәагатә баҟа аартра иалахәын

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа р-Федерациа 2023 шықәса лаҵарамза 21 рзы ишаԥу еиԥш, Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара Амш иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥнагеит Ҭырқәтәылатәи Ареспублика апровинциа Қоџьаели Қандыра араион Қефқен Бабалы ақыҭаҟны.

Ҭырқәтәыла Аԥсуа культуратә центрқәа р-Федерациа Ахантәаҩы Мураҭ Махариа иҟаиҵаз ааԥхьарала аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа: Алхас Барцыц, Аслан Лакоба, Кан Кәарҷиа, Ҭемыр Шергелиа, Алиса Гәлариа, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, уи ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрба, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт Адиректор Арда Ашәба, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор Ирина Агрба.

Агәаларшәагатә усмҩаԥгатәқәа рыпрограмма инақәыршәаны аԥсуа делегациа Караагач ақыҭаҟны иҟоу аԥсыжырҭа иаҭааит, ара зыԥсҭазаара иалҵхьоу рыхьӡала анцәаиҳәара мҩаԥган.  
  Бабалы амшын аԥшаҳәаҟны имҩаԥган Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ирызкны Елиф Қьецба лхаҿсахьала ишьақәыргылоу агәаларшәагатә баҟа аартра. Абаҟа ықәыргылоуп Қоџьаели анапхгара иҟанаҵаз адгылареи Ҳасан Қардиа напхгара зиҭо Аԥсуа культуратә центр ацхыраареи рыла.

Аусмҩаԥгатәқәа хыркәшан ашәҭшьыҵәрақәа амшын рыхҵареи, аныҟәареи, «Нарҭаа» рымца аиқәҵареи рыла.