Аҳәынҭқарратә ҳәаа ашьақәыргылареи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи афедерациеи рыбжьара амшынтә еиуыжьрақәа аҳәаа рыбжьаҵареи рзы Акомиссиа иалоу Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа - Ҭемыр Шергелиеи Кан Кәарҷиеи УА аделегациа злахәыз афбатәи аиԥылара иалахәын. Уи мҩаԥысит Санкт-Петербург.
Акомиссиа ахантәаҩыс дыҟоуп аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Акомиссиа аилазаараҟны иҟоуп иара убас ари азҵаара иадҳәалоу, изыхәҭоу ареспублика аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа .
Аганқәа аҩ-тәылак рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаақәа жәларбжьара-зинтә еиқәыршәаразы имҩаԥгоу аусура иалацәажәеит/
Изаамҭанытәиу аиԥылара амҩаԥгара аҿҳәареи аҭыԥи еибыҳәахоит адипломатиатә хырхарҭақәа рыла.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

26.05.2023
Поделиться в соцсетях: