НОВОСТИ

      Апарламент адепутатцәа Сергеи Багаԥшь ҳаҭырла дыргәаладыршәеит
29.06.2023
Поделиться в соцсетях:

Апарламент адепутатцәа Сергеи Багаԥшь ҳаҭырла дыргәаладыршәеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лашеи Апарламент адепутатцәеи Џьгьарда ақыҭаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.    
                                                                
Лаҵарамза 29 рзы 12 шықәса ҵит Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи.
Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҷыдалкаатәии Азинмчы змоуи УА Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аиҳабыра алахәцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.