НОВОСТИ

 Ашәба Лаша Ахәыҷқәа рыхьчара амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит
01.06.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Ахәыҷқәа рыхьчара амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Ахәыҷқәа рыхьчара амш аҽны адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:


"Акыр иаҳзаԥсоу ахәыҷқәа – ҳҩызцәа хәыҷқәа! Акыр иаԥсоу аиҳабацәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит абиԥарақәа зегьы насыԥ рыманы, гәыблыла изԥыло иреиӷьу жәларбжьаратәи аныҳәа - Ахәыҷкәа рыхьчара амш.  
Ҳара аиҳабацәа ҳзы дарбанзаалак ахәыҷы иччаԥшь, игәырӷьабжь, игәабзиара, иҭынч ԥсҭазаара, аҵара харҭәааны иоуразы, ибаҩхатәра аарԥшразы алшарақәа раԥҵара зегьы ирыцкуп.
Ҳара иаҳҭахуп ҳтәылаҿы ҭаацәацыԥхьаӡа аҟны аҳәынҭқарра ацхыраарала есқьынгьы ахәыҷы идҳәалоу апроблемақәа зегьы қәҿиарала рыӡбара алыршахарц".