НОВОСТИ

Апарламент аҟны Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара мҩаԥысит
05.06.2023
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара мҩаԥысит

Иахьа имҩаԥысит Апарламент аҟны Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара. Уи хантәаҩра азиуан  Ҭемыр Шергелиа.

Иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аныҳәатәи агәаларшәагатәи мшқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Уи азкын Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны азанааҭтә ныҳәақәа рышьақәыргылара:

лаҵарамза 17 - Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура амш;
рашәарамза 10 - Аԥсны Аҳәынҭқарра Астатистика аусзуҩы имш;
ԥхынгәымза 4 - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиқәырхаҩ имш.

Ахцәажәара анаҩс Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит Апарламент изаамҭанытәиу асессиа аилатәараҟны абри азакәанапроект адкылара абжьгаразы.