Иахьа имҩаԥысит Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак аилатәара. Аилак Аилатәараҟны адепутатцәа абарҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит:
Гәылрыԥшь араион Администрациа ажәалагала ақәшаҳаҭразы;
- Гәылрыԥшь аҳаблаҟны 0,06 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориаҟнытә «аиланхарҭатә ҭыԥқәа» ркатегориахь аиагаразы;
- хаҭалатәи анаплакҩы Ажьиба А.Р. Очамчыра араион Елыр ақыҭаҟны 2,0 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ иааиԥмырҟьаӡакәа ахархәаразы иҭаразы асасааирҭатә хкы змоу анхарҭа (акоттеџьқәа) аргыларазы»;
- ХА Цквитишьвили Л. Р. Очамчыра ақ. Б. Шьынқәба имҩаҟны «амшынҿықәтәи адгьылқәа» ркатегориаҟнытә 1,5 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ 25 шықәса аҿҳәара аҭаны қьырала иҭара агәабзиарачаԥарҭа-курорттә хкы змоу (аԥсшьара абаза) ахыбра аргыларазы;
- Гәылрыԥшь аҳабла Дранда ақыҭаҟны 0,76 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориаҟнытә «аиланхарҭатә ҭыԥқәа» ркатегориахь аиагаразы;
- Пицунда ақ. аҟны 1,0 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориаҟнытә «аиланхарҭатә ҭыԥқәа» ркатегориахь аиагаразы Гагра араион Администрациа ажәалагала ақәшаҳаҭхаразы;
- Гәылрыԥшь аҳаблаҟны 0,06 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориаҟнытә «аиланхарҭатә ҭыԥқәа» ркатегориахь аиагаразы;
- Ԥсахара ақыҭаҟны 1,10 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориаҟнытә «аиланхарҭатә ҭыԥқәа» ркатегориахь аиагаразы атәылауаа хаҭалатәи анхарҭатә ргылареи анхарҭа ҩнқәа рымаҵзуреи рзы рыҭаразы Гагра араион Администрациа ажәалагала ақәшаҳаҭхаразы;
- Гәылрыԥшь аҳаблаҟны 0,06 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориаҟнытә «аиланхарҭатә ҭыԥқәа» ркатегориахь аиагаразы;
- зҭакԥхықәра ԥку ауаажәларра «Универсалторг» Ԥсахара ақыҭаҟны 2,50 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ агәабзиарачаԥарҭа-курорттә хкы змоу ахыбра аргыларазы иааиԥмырҟьаӡакәа ахархәаразы аҭаразы Гагра араион Администрациа ажәалагала ақәшаҳаҭхаразы.
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла иӡбан арҭ азҵаарақәа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәарахь ахәаԥшразы анагара.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

05.06.2023
Поделиться в соцсетях: