НОВОСТИ

Апарламент аҟны Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адини, АИХ русқәарзы аилак аилатәара мҩаԥысит
06.06.2023
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адини, АИХ русқәарзы аилак аилатәара мҩаԥысит

Рашәарамза 6 рзы Апарламент аҟны Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адини, АИХ русқәа рзы аилак аилатәара.

Иахьа адепутат Инар Гыцба иаԥшьгарала имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-дгьылҵакыратә акрақәеи аиланхарҭа ҭыԥқәа рыхьыӡқәеи урҭ рыхьыӡқәа аурыси англызи транскрипциақәа рышьақәырӷәӷәаразы» Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ақәҵара апроект ахцәажәара.

Аилатәара иалахәын Аԥсны Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр адиректор   Чрыгба В. А.
Ари Ақәҵара апроект хықәкыс иаман Аԥсны агеографиатә обиектқәа рыхьыӡқәа аԥсышәала ииашаны ранҵареи максималла излауала урысшәалеи англыз бызшәалеи урҭ ҭҵаарадыррала иҵаҵӷәырку атранскрипциа аԥҟарақәа ирықәыршәаны аиаша иазааигәаны рышьақәыргылареи.
Аилак алахәцәа еицҿакны ирыдыркылеит зыӡбахә ҳәоу Ақәҵара ахәаԥшреи адкылери рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент абжьгаразы азыӡба.