НОВОСТИ

Апарламент Аиҳабы Ашәба Лашеи адепутатцәеи Урыстәыла Амш азы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит
12.06.2023
Поделиться в соцсетях:

Апарламент Аиҳабы Ашәба Лашеи адепутатцәеи Урыстәыла Амш азы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Аҷыдалкаатәии Азинмч змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин  иҟаиҵаз ааԥхьарала Урыстәыла Амш азгәаҭара инамаданы аныҳәа амҩаԥгара ахьымҩаԥысуаз Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит.

Урыстәыла Амш Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ныҳәоуп, иазгәарҭоит 1992 шықәса инаркны рашәарамза 12 рзы есышықәса. Абри амш аҽноуп 1990 шықәсазы РСФСР жәлар рдепутатцәа актәи Реизара ду Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа анаднакылаз. Аизара ду аҟны ирылаҳәан Урыстәыла Аконституциеи азакәанқәеи рхадара атәы.